Еныкь "Аибашьра ахԥатәи амш" иазкны: урҭ ашықәсқәа аҿар азхьаԥшырц ҳҭахуп
Аҳәынҭқарратә Аҿартә театр ахәаԥшцәа ирыдыргалоит ақәыргыламҭа ҿыц, Шьалодиа Аџьынџьал иҩымҭақәа ирылху апиеса "Аибашьра ахԥатәи амш", абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Аҿартә театр аиҳабы Аслан Еныкь.