Чкадуаԥҳа: ахәыҷқәа рықәгылара ҭақԥхықәрала иазнеит
Ансамбль "Абаза" аиҵбыратә гәыԥ Шәача имҩаԥысуаз афестиваль аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҟазаратә школ "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ахәыҷқәа рықәгылара аҭакԥхықәрала ишазнеиз.