Ажьиԥҳа: аибашьрахь ицаз санду лаб изқәаҭыԥ ахьыҟоу аилкаара ҳашьҭоуп
Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, аха хабарда ибжьаӡыз Пас Гәыбаз иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит имаҭа, ажурналист Рада Ажьиԥҳа.