Ҳараниа: Валери Багаҭелиа иабџьар иԥҳа лыхьыӡ ҭаԥҟаны ианын, уи сыбла ихгылоуп
Аԥсны Афырхаҵа, агәыԥ Бабаду командаҟаҵаҩыс иҟаз, ашәаҳәаҩ, аспорт азҟаза Валери Багаҭелиа иԥсы ҭазгьы абҵара 28 аҽны ихыҵуазаарын 65 шықәса. Sputnik Аԥсны арадио аефир аҿы аибашьҩы дигәалаиршәоит иҩыза, Леон иорден занашьоу Виачеслав Ҳараниа.