Шьынқәырԥҳа афитосанитартә лабораториа аиҭарҿыцразы: ҳусура акырӡа иарманшәалоит
Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алабораториа ҿыц ирнаҭо алшарақәа ртәы.
Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алабораториа ҿыц ирнаҭо алшарақәа ртәы.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит.
Абҵара 29 Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит КВН апремиер-лига акы аабатәи ахәмарра. Уи иалахәхо акомандақәеи, аҿар рҟазареи атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит КВН апремиер-лига апродиусер Михаил Цкуа.
Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидадт, ААУ аиуристтә факультет адекан Сергеи Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит "еиҿкааралатәи ацәгьоуразы" азакәан апроект азы.
2019 шықәса рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны иаахәоуп автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи.
Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа актәи аилатәара мҩаԥысит абҵара 29 рзы.
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа афитосанитартә лабораториа аремонти атехникатә еиҭарҿыцреи мҩаԥган аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны.
Асахьаҭыхҩы Алик Шьанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи амҩаҿы амыдаӷьцәахаҳә ҳәа изышьҭоу аангыларҭа аҩныҵҟа икыду апанно аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
Ахәрақәа зауз ахаҵа аԥхьатәи ацхыраара анизыҟарҵа ашьҭахь Урыстәыла аҵакырахь диаргеит.
Аԥсуа туристтә компаниа адиректор хада Самилиа Квираиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аӡын аамҭазы ҳтәылаҟа ԥсшьара иаауа асасцәа ирыдыргало аныҟәарақәа ртәы.
"Аҩқәеи аџьбарра злоу арыжәтәқәеи Жәларбжьаратәи рыпрофессионалтә конкурс" мҩаԥысуан Москва, абҵара 14-23 рзы.
КВН Аԥснытәи алига афинал 1/8 иалахәхоит акомандақәа ԥшьба: Аҟәа ақалақь, Аҟәатәи, Пицундатәи, Тҟәарчалтәи араионқәа рхаҭарнакцәа.
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" мҩаԥысуеит Москватәи аобласт, Раменское ақалақь аҿы абҵара 25-29 рзы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.