Гындиа Аԥсны АҶА аусара атәы абна арцәараан: асоциалтә даҟьақәа рҿы ирыҩуаз ҳақәшаҳаҭым
Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит хылаԥшрада иаанхо амца арыцҳара ду ахылҿиаар шалшо.
Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит хылаԥшрада иаанхо амца арыцҳара ду ахылҿиаар шалшо.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿ имҩаԥысит абҵара 22 рзы апресс-конференциа. Аусбарҭа аусзуҩцәа еиҭарҳәеит Аԥсны аҭыԥ змаз амцакра арцәара амҩаԥысшьа.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны амармалташьтә пты шаҟа еизыргаз.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Аҟәа амшынԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инамаданы ирылаҳәоуп аплан "Аанкылара". Аҭыԥ аҿы аоперативтә усзуҩцәа аусура иаҿуп.
Гәылрыԥшь араион аграфирма "Софиа" аҟны иалагеит ацитрус аҟәшәара. Сынтәа амандарина аҽаҩра акырӡа имаҷуп ҵыԥх аасҭа.
Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы аиҿахысрақәа аҭыԥ рыман, ахәра зауз Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭахьи Ареспубликатә хәышәтәырҭахьи инаргеит. Аҭыԥ аҿы амилициа аус руеит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-конференциа мҩаԥнагеит Аԥсны иҟаз амцакра арцәара алҵшәақәа ирызкны.
Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа ҳтәылаҿы абнақәа рхы амцарцәара атемала имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иҳәеит Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа русура ҭакԥхықәрала ишазнеиз.
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2019-2010 шықәса рзы акамшьиа акразы ззин иҟоу аԥҟара атәы.
Икоммерциатәым агәыҳалалратә фонд "Азҳара" 1200 аԥсуа ҭаацәара ацхыраара рнаҭахьеит.
Аԥсуа уарӷанарҳәаҩ Москватәи иконцертқәа хацыркхоит абҵара 22 рзы аԥшьацқьақәа Пиотри Павели ркафедралтә уахәамаҿ имҩаԥысуа апроект "Ақалақь ду аҿы ауарӷан" ала.
Абҵара 21 рзы Аԥсны Апарламент аҿы ирыхәаԥшын абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа рзы апроектқәа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.