Зегьы еицырзеиԥшу Аиааира: аныҳәа ду ԥасатәи асовет ҳәынҭқаррақәа ишазгәарҭаз
Уаанӡатәи асовет ҳәынҭқаррақәа ирхадыршҭуам рыжәларқәа иаадырԥшыз афырхаҵара. Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра даҽакала иазгәаҭатәхеит акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны.