Арухаа аԥсуа жәлар рарҳәагақәа рыҟаҵаразы: еиқәырхатәыс исыдушәа збоит
Хәаԥ ақыҭан инхо, жәлар рарҳәага рыҟаҵара иазҟазоу Уасил Арухаа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит иус имаздар зҭаху ауаа дышрышьҭоу.
Хәаԥ ақыҭан инхо, жәлар рарҳәага рыҟаҵара иазҟазоу Уасил Арухаа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит иус имаздар зҭаху ауаа дышрышьҭоу.
Уажәшьҭа ҩымз инареиҳаны иҵуеит акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы Аԥсны аԥкрақәа алагалоуижьҭеи.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, лаҵара 29 рзы.
Аԥсны аҳҭнықалақь агәаны абҵара 22, 2019 шықәсазы иҟалаз ацәгьоура иахҟьаны хҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ақьафурҭа аусзуҩ дыҟан.
Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 11-ҩык апациентцәа акоронавирустә инфекциа рыманы.
Мшаԥы 22 рзы араион ахадараҟынтә ихы дақәиҭтәын Геннади Ҵәыџьба, уи ишьҭахь аамҭала иара инапынҵақәа наигӡон Михаил Агрба.
АКХ аҿы аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ еизнагароуп 200 - 250 напынҵамҭа. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит, нас уи аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатуразы аӡбара аднакылоит. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп абжьыҭираан еиҳа абжьы зауз акандидат.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит ԥхынгәы 12 рзы Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18, Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31, Бзыбтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10, Оҭҳаратәи алхырҭатә ҭыԥ хада №14 рҿы.
Жәшықәса раԥхьа идунеи иԥсахит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Иара ихатәы хьчаҩы Рустам Шларба арадио Sputnik аефир аҿы Сергеи Багаԥшь идҳәалоу игәалашәарақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Уаанӡа, лаҵара 12 рзы ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа иҵит жәшықәса. Уи игәалашәара аҳаҭыразы ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа изылкыз анҵамҭа.
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иаха ақалақь аҿы иҟаз амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Аԥсны аӡбаҩцәа рхеилак АИХқәа рҿы акьыԥхьразы инарышьҭит аӡбаҩцәеи урҭ рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәеи рхашәалеи рмазареи рзы адыррақәа 2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рызтәи арыцхә ала.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа рганахьала агәҩара ыҟоуп Аҟәа Араион ҿыц, Картозиа имҩаҿ игылоу аҩнеихагылаҟны лаҵара 11 рзы иԥшааз абџьар закәаншьаҭада иҵәахны ирыман ҳәа.
Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥыза-министри иареи реиԥылараҟны излацәажәаз, убасгьы абыргцәа ринститут ахықәкы шибо атәы.
Хәымз рыла абиуџьет ахь иаланагалаз аԥарақәеи аплан ала иарбаз аԥарақәеи 52 миллион 460 нызқь мааҭ рыла ишеивыгоугьы, 2019 шықәсазтәи арбагақәа рыҩаӡара аҟынӡа иҟоуп.
Азинхьчаратә усбарҭақәа хылаԥшра азыруеит акаҳуажәырҭақәеи апаркқәеи рҟны аԥкыратә уснагӡатәқәа ишрықәныҟәо иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.
Аусурақәа мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба идҵала. Аусуҩцәеи аекологцәеи аҵлақәа рышьаҭақәа ирԥырхагамхартә аусура мҩаԥыргоит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.