COVID-19 Аԥсны: 68-ҩык аҿкы рыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4649-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2500-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 50-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4649-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2500-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 50-ҩык.
Аԥсны COVID-19 аҿагыларазы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхыраара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Таифун Арӡынба.
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы абҵара 5 рзы Гагра аобиектқәа арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит.
Абҵара 3 рзы, Оҭҳара ақыҭан ҩ-еихакылак змаз аҩны амца акит. Ақыҭа ахада Анатоли Аиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭан абылра иақәшәаз аҭаацәа цхыраарас ирыҭахо атәы.
Роспотребнадзор абжьгарақәа инарықәыршәаны адәыӷба апассаџьырцәа рымҩангара аламҭалаз авагонқәа арзҩыдара иахрыжьуеит.
Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы абҵара 5 ахәылбыҽха, асааҭ 18.45 рзы. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭаҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы 2020-тәи ашықәс атуристтә аамҭа аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Гагра араион ахадара аинформациала апандемиа аамҭала араионнн аҿы иаарԥшын 258 коронавирустә ҿкыра хҭыс.
Аладатәи арратә округ арратә амедусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иаарту ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 зыдбалоу апациентцәа рыдкылара иаҿуп.
10 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны аексперементалтә паталогиеи атерапиеи рнаука-ҭҵаарадырратә Институт аус ацнауеит Н.Ф. Гамалеиа ихьӡ зху урыстәылатәи анаукатә Центр.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.
Аԥсуа телехәаԥшра иахьатәи аԥсҭазаашьа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи ахантәаҩы Ирина Агрԥҳа. Абҵара 6, 1978 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит Аԥсуа телехәаԥшра.
Борис Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит, уи ахҭыс аахижьҭеи иҵуеит 42 шықәса. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа 41 шықәса Аԥсуа телехәаԥшраҟны режиссиорс аус зуа Заира Бигәааԥҳа лҭоурыхи дара русеицуреи ртәы дазааҭгылоит.
Аԥсны, Таџьикистан, Беларуссиа атәылақәа рҿы аурысқәа рмазаратә зинқәа реилагара азҵаара иҭан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ажурналистцәа Маргарита Симониан, Владимир Сунгоркин, Роман Бабаиан аинтервиу ду анымҩаԥыргоз.
Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы ахәылбыҽха, асааҭ быжьба рзы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.