Чкадуаԥҳа еиҭалҳәеит ахореографиатә школ "Абаза" ааӡамҭацәа Москва аиааира шыргаз атәы
Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә школ "Абаза" Москва имҩаԥысуаз ахԥатәи Қьырсатәи жәларбжьаратәи аҟазацәа рассамблеиа афестиваль аҟны аиаара шагаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы Циала Чкадуаԥҳа.