Адлеиба Абрыскьыл иҳаԥы аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: ҳшақәгәыӷуаз еиԥш иҟам
Отаԥ ақыҭан иҟоу Абрыскьыл иҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит сынтәа аҳаԥы иаҭаауа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа ишагхаз иҳаҩсыз ашықәсқәа раасҭа.