"Супермен" духазыршҭуа: Абрыскьыл акомикс аҟынтә амультфильнӡа анаӡара шилшаз
Ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа "Абрыскьыл ифырхаҵара" захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. Акомиксқәа рҟынтәи амультфильм аҟынӡа анаӡара шыҟалаз, аԥсуа мультфильмқәа рҭыхра зыуадаҩу, насгьы Аԥсны амультипликаторцәа рыстудиа заҭаху изеиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.