Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәсазтәи ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла
Афильмқәа рыхәаԥшра уамак сазгагам. Мызкахьы акы-ҩба киносахьа сахәаԥшыр ҟалоит, иҟалоит самыхәаԥшыр зынӡагьы. Аха избахьо голливудтәи аблокбастерқәа сиужетла ирыҵахаӡом, 1989 шықәсазтәи аԥсуа-ақырҭуа еидысларақәа ирылахәыз саб иашьа Коба Ҷыҭанаа, урҭ амшқәа игәаларшәо, исзеиҭеиҳәаз ажәабжь.