Ӡиуауа – акьанџьа аӡы аҭара, мамзаргьы ақәа аруразы аныҳәа
Жәлар рамзар иаҵанакуа ақьабзқәа иреиуоуп ақәа аурц азы аӡы астихиа ахьӡала имҩаԥырго ақьабз Ӡиуауа. Ақьабз ахаҭагьы акыр аиҭакрақәа ирхысит: ауаҩы ԥсаҭатәыс аӡы данарҭоз аамҭа инаркны ахәыҷы хәмаррахь аиасра аҟынӡа. Ари азҵааразы лдыррақәа ҳадылгалоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.