Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа ирыхьчоз, хықәкыс ирымаз
Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа рышьақәгылашьа, урҭ ҵакыс ирымаз.