Жансеҭ Казанԥҳа: сыԥсы ҭанаҵы гəык-ԥсыкала Аԥсныи Шьамтәылеи рымаҵ зулоит
Аҧсны дааны дыҟоуп зыдунеи зыҧсаххьоу ҳџьынџьуаҩ-аинрал Уалид Маршьан иҧшəмаҧҳəыс Жансеҭ Казанҧҳа. Жансеҭ Казанҧҳа Шьамтəылатəи Арабтə Республика апарламент адепутатс дыҟоуп, иара убас Шьамтəыла аибашьраҿы иҭахаз ргəалашəара аҳаҭыр азы иаҧҵоу Агəыҳалалратə фонд напхгара алҭоит.