Аԥсны акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ConIFA-2019 ЕА аҿы
ConIFA-2019 аегида иаҵанакуа ашьапылампыл азы Европа ачемпионат аҟны Аԥсны акомандеи Чамериа акомандеи рыхәмарра мҩаԥысит Степанакерт рашәара 8 рзы.
ConIFA-2019 аегида иаҵанакуа ашьапылампыл азы Европа ачемпионат аҟны Аԥсны акомандеи Чамериа акомандеи рыхәмарра мҩаԥысит Степанакерт рашәара 8 рзы.
Аԥсны асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит алхрақәеи атуристтә сезони реиҿыбаара азҵаара. Иалшома урҭ еиваргыланы рымҩаԥгара, ҵакыс иамоузеи ҳҳәынҭқарразы атуризм, насгьы аполитика уи иаԥырхагахар алшома?
Гагра араионтә еизара аиҳабы Асҭан Агрба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит алхрақәеи атуристтә сезони реиҿыбаара азҵаара. Иалшома урҭ еиваргыланы рымҩаԥгара, ҵакыс иамоузеи ҳҳәынҭқарразы атуризм, насгьы аполитика уи иаԥырхагахар алшома?
Рашәара 8, ахәашаҽны, Оҭҳара ақыҭан инхо ԥшьы-ҭӡык имҩаԥыргеит аҳәсеи ахәыҷқәеи злахәыз аԥхын алԥха ҳәа хьӡыс измоу Амра аныҳәа. Уи амҩаԥысшьа атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
25 шықәса раԥхьа Аԥсны иалцаз ақырҭцәа рынхарҭақәа рырхынҳәра азҵаара аусӡбарҭақәа рҟны ахәаԥшра ахьынӡаиашоу атәы далацәажәеит арадио Sputnik Аԥсны ефир аҟны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ Даниил Убириа.
Амҳаџьырра Аԥснынтәи иагаз ҳхылҵшьҭрақәа рахьтә зықəрахь инеихьоу абыргцəа есымша рылаԥш хаа ҳхын, иаҳхуп иахьагьы. Убас, згәыбылра есымша иҳаду, зажəа акрыԥхылнадоз иреиуаз Ҭалиаҭ Аҭрышба Аԥсны дааны даныҟаз Сырма Ашәԥҳа илеиҳәаз ажәа ҟәышқәа, ажәа мҩақәҵагақәа, иԥсадгьыл азы имаз агәҭахәыцрақәа шәыдылгалоит лматериал аҟны.
Асоциалтә иашареи аҭынчреи рзы Аԥсны анацәа рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиа даҭан лиубилеи амш аҽны.
Аԥсныи Урыстәылеи Реиҳабырақәа рыбжьара Аилахәаахәҭшьазы аиқәшаҳаҭрахь аиҭакрақәа ралагаразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит ахәаша, рашәара 7 рзы Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.