Дамениа еиҭеиҳәеит аԥсуа-абаза конгресс рапҳьатәи аизара ахықәкы атәы
Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу астретгиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik Аԥсны астудиа аҟны игәалаиршәеит 1992 шықәса, жьҭаара 7, 8 рзы Лыхны имҩаԥысуаз Адунеи жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс рапҳьатәи аизара.