Малиа Оҭар Қьебуриа изкны: знык иабадырыз, ихаҿы даанымхар залшомызт
Рашәарамза 26 рзы иԥсы ҭазҭгьы архитектор "Аҟәа акалакь апроект" ҳәа хьӡыс измаз аинститут аиҳабы Оҭар Қьебуриа ихыҵуазаарын 58 шықәса. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Оҭар дигәалаиршәоит уи ибзиан дыздыруаз, иҩыза Аԥсуа драматә театр актиор Адгәыр Малиа.