Габуниа: аиҭаҽҭаҩра иахымсыз ахаҿқәа амазаратә зинқәа рцәыӡыр алшоит
2017 шықәс арзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыз аиурист хаҿқәа амазаратәии имазаратәыми рзинқәа рцәыӡыр алшоит иҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Габуниа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.