Маланиаԥҳа: идыру аполитикцәа ҳрыҿцәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳаман
Хәажәкыра 12-19 рзы Москва имҩаԥысуаз аҿар рфорум иалахәын Аԥснытәи аделегациа. Афорум аиҿкаашьа атәы радио Sputnik ҭелла иазеиҭалҳәеит иара иалахәыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиҿкаау адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа.