Габлиа ахәмарра "Иарбан?Иаба?Ианба?" иазкны: уамҽханакуеит
Москва жәабранмза 18 рзы имҩаԥысит аинтелектуалтә клуб "Иарбан?Иаба?Ианба?" 2019-тәи асезон раԥхьатәи ахәмарра. Иара еиҿыркааит Москва иҟоу аԥсуа диаспора. Ахәмарра алахәыла Инал Габлиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит уи шымҩаԥысыз атәы.