Џьениа асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аԥҵара иазкны: хҭыс дуун ҳдоуҳатә культура аизырҳараҿы
80 шықәса раԥхьа Аԥсны иаԥҵан асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Уи ахҭыс шыҟалази, ҵакыс иамази, Аԥсны раԥхьатәи ацәыргәақәҵа анеиҿкаази атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.