Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп
Алаф зегьы ирнаалаӡом. Уи иазҟазоу, ишәаны-изаны, идтәалоу гәаҭаны, аӡәгьы дламырҟәыкәа, ихы пату ақәҵаны, насгьы дахьыҟоу зеиԥшроу иашьашәалартә еиԥш алаф иҳәоит. Дшыхәыҷыз заб иҟнытә алаф заҳауаз, иахьа 600 рҟынӡа ажәытә лафқәа еидызкылахьоу, наҟ-наҟ хаз шәҟәны аҭыжьра згәы иҭоу Алик Шьарадын-иԥа Ажьиба иҳәеит аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп ҳәа.