Аҟәысба: аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы алшара змам аҭаацәарақәа ацхыраара рырҭалоит
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа, алшара змам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы иаашьҭын аӡынтәи ашьаҵамаҭәа. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.