Аусура анеилашуа, аамҭа лассы имҩасуеит
Ашықәс ахыркәшарахь ианнеиуа, ишаԥу еиԥш дарбанызаалак ихатәы лкаақәа ҟаиҵоит, ашықәс аҩныҵҟа илшаз илымшаз. Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, саргьы исҭахуп ашықәс аҩныҵҟа сгәырӷьарақәеи сеихьӡара хәыҷқәеи ртәы шәзеиҭасҳәарц.