Инар Нарманиа ифильм Архангельсктәи афестиваль аҿы иаиааит иреиӷьу арежиссуразы
Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" аҟны иӡырган аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа зметраж кьаҿу ифильм "Махаз сыхьӡуп". Афестиваль мҩаԥысуан Архангельск, ԥхынҷкәын 6-9 рзы.