Гәниаԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷқәа COVID-19 шырхырго атәы
Ахәыҷтәы ҳақьым Есма Гәниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 зманы хылаԥшра зылҭо ахәыҷқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ахәыҷқәа ачымазара еиҳа имарианы ирхыргоит ҳәа иҟоу агәаанагара ахҳәаа азыҟалҵеит.