Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп
Макьаназы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз Хецуриани илныруаз ауаа рхыԥхьаӡара атәы рымҳәацт. Уаанӡа Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба адырра ҟаиҵахьан дара зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа.