Аԥсны ихыркәшоуп Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара
Аԥсны инхо ма аамҭала иҟоу Урыстәыла атәылауаа Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭарц рылшон Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы 08:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.