Кәакәасқьыр алхрақәа рзы: алҵшәа иаԥырхагахаша ҳәа ҽыԥныҳәа ӷәӷәа алхратә комиссиаҿы иҟам
Алхратә комиссиа хада алахәыла Виачеслав Кәакәаскьыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы анаркха ашьҭахь алхратә комиссиаҿы абыжьқәа рыԥхьаӡара аус шцоз атәы.