Хаҳәбиаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал актәи ашкол аҟны афронталтә гәаҭарақәа шцо
Тҟәарчала араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколқәа рҟны иахьазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Тҟәарчала араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколқәа рҟны иахьазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Аҳәаа аилагаҩцәа реиҳараҩык административтә ҭакԥхықәрахь иадԥхьалоуп, ааҩык Аԥсны аҵакыра иалцоуп.
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа ҳполитикатә ҭагылазаашьа иазнауз анырра ахҳәаа алҭоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҟәа араион апрокуратура Гәымсҭа ақыҭан Узбекисҭан атәылауаҩ лцәаԥҽра аганахьала ашьаус хацнаркит.
Аеҵәақәа ирыдҳәаланы ҳажәлар ирымоу агәрагарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуа композитор, Қырҭтәылатәи ССРи Аԥснытәи АССРи аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа диижьҭеи иахьа иҵуеит 110 шықәса. Уи игəалашəара аҳаҭыразы Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа дазааҭгылоит иара ирҿиаратə мҩа.
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва Аԥсны иҟанаҵаз аҳәамҭа адипломатиатә каналқәа рыла ишроулак ишҭырҵаауа азы.
Акоррупциа аҿагыларазы ҿҳәарадатәи амлашьра алахәылацәа руаӡәк Џьансыхә Адлеиба Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Жәлар Реизараҿы ирыдкылаз азакәан ахықәкы хада шынанамыгӡо.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылан "Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ашҳам ирҭеит Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы" ҳәа иҟоу агәаанагаразы УА Апрокуратура хада ашьаус хацнаркырц адҵа ҟаиҵеит.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр идҵала Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура ашьаҭала иеиҿкаахоит акоронавирус хкҿыц аҭҵааразы азыҟаҵарақәа.
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит, Бжьаниа игәамбзиара аганахьала Аԥсны анапхгара адҵаҟаҵарагьы иирдырит.
Урыстәыла Апрокуратура хадахьы инашьҭуп ашьаусҭҵааразы азин аиуразы жәларбжьаратәи-азинтә документқәа.
Уажәтәи аамҭазы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодартәи актәи атәылаҿацәтә клиникаҟны ихәшәтәра иаҿуп.
Аԥсны афырхаҵа, аибашьра ашықәсқәа раан Гәымсҭатәи афронт аҟны артиллериа адҵаҟаҵаҩыс иҟаз Аслан Кобахьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аибашьраан иааирԥшыз иҟазшьақәа ртәы.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа инарықәыршәаны, Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам.
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 15-20 тонна амимоза Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахыргоит Аҳәса рымшныҳәа аламҭалазы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.