Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1993 шықәсазы март 15-16-тәи ажәыларатә операциа иалахәыз, Аԥсны Афырпҳәыс Инга Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит арҭ амш еиқәаҵәақәа лгәалашәараҟны ишынхаз атәы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1993 шықәсазы март 15-16-тәи ажәыларатә операциа иалахәыз, Аԥсны Афырпҳәыс Инга Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит арҭ амш еиқәаҵәақәа лгәалашәараҟны ишынхаз атәы.
Аӡбаҩцәа рмазара арзара - избан ари азҵаара ҵарны изықәгылоу, иалшозеи уи азакәан аус ауа иҟалар? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа.
Аӡбаҩцәа рмазара арзара - избан ари азҵаара ҵарны изықәгылоу, иалшозеи уи азакәан аус ауа иҟалар? Абри азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Арбитражтә усӡбарҭа ахада Фатима Кәыҵниаԥҳа.
Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аҳаҭыраз Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы ашәҭқәа шьҭаҵан. Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Геннади Арӡынба Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит арҭ амшқәа рзы еснагь ргәыԥ аҟнытә зыԥсы ҭаны иаанхаз аибашьцәа шеиқәшәо, иҭахаз рҩызцәа шыргәаладыршәо.
Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу аԥсуа ҵеицәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны аиҳабыра, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Марттәи ажәылара иалахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу аибашьра аветеран Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ҳаибашьцәа ажәыларахь иандәықәлоз аамҭазы шәарак шырнымԥшуаз, рхы-ргәы иҭаз знык Аҟәа алалара шакәыз.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа арҭ амшқәа рзы Аԥсны дааны дыҟоуп. Ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадареи ҳусеицуреи инарымаданы аиҳабыра рхаҭарнакцәеи иареи злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит, арепатриациа иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит, иара убас ахаҭарнакра имҩаԥнаго аусурақәа ртәы дрылацәажәеит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.