Џьниаԥҳа: ашыц аиқәырхаразы аиҭаҳатә ҳааӡоит
Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ахантәаҩы Асҭанда Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашыц аиқәырхаразы аиҭаҳатә шырааӡо.
Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ахантәаҩы Асҭанда Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашыц аиқәырхаразы аиҭаҳатә шырааӡо.
Аҟәа имҩаԥысыз афотоцәыргақәҵаҿы хҩык арратә фотокорреспондентцәа русумҭақәа 85 цәырган.
Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аестрада ашәа анагӡаҩцәа ҿарацәа рзы имҩаԥгахо аицлабра ахықәкы, иалахәхо, ԥҟарас иамоу, иара убас уадаҩрас иҟоу ртәы.
Аԥхьаҩцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара амилаҭтә хәҭа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 11 рзы. Аиндаҭлара иалахәын 77 школхәыҷ.
Аӡиасқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны аӡиасқәа ирыдҳәало аматериал.
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Автандил Гарцкьиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT аҟны аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапы шрыҵарҩыз, иара убас хара имгакәа Аԥсны ишаҭаауа атуристтә агентцәа.
Аҟәа ақалақь аҿы инхоит фҩык аиаҭымцәеи 230-ҩык ихәыҷаахыс ихымхәацәоуи.
Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реидгыла ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит нанҳәамзанӡа сынтәа ашәарыцара шыҟамло. Иахьа инаркны Аԥсны ихыркәшоуп ашәарыцаратә сезон.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Ацентр аартхоит 2019 шықәса, ҭагалан, Москва.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.