Џьениа: ақыҭауаа акредит рзоужьраҟны ақыҭаҭә хеилакқәа хәдықәҵара ҟарҵар ауан
Аԥсуа қыҭақәа рҿы ацәгьоурақәа рыҿиара амзыз хадақәа иреиуоуп аусурҭатә ҭыԥқәа рыҟамзаара, ақыҭауаа анаплак маҷқәа аадыртыртә аҭагылазаашьақәа ахьрымам ҳәа азгәеиҭеит адырраҭара «Коӷониаԥҳа лымҩаду» аҟны Аҷандара ақыҭа ԥасатәи ахада Витали Џьениа.