Ҳашԥҳа: еснагь лашарак сазхьаԥшлар сҭахуп, иҟамзаргьы исыԥшаауеит
Апоет, ахәыҷтәы журнал "Амцабз "аредактор хада Инна Ҳашԥҳа, лаҵарамза 20 рзы иазгәалҭоит лиубилеи. Апоетесса арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы дазхьаԥшуеит лхәыҷрашықәсқәеи, аԥсҭазаара илнаҭаз аԥышәеи.