Занҭариа апоетесса Лиолиа Тәанба лгәалашәара иазкны: ԥсра зқәым ашәа давторуп
Апоетесса, зегьы еицырдыруа ашәа "Аиааира" ажәақәа равтор Лиолиа Тәанԥҳа иахьа лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵауазаарын 66 шықәса, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны лусумҭақәа инарҭбааны еидызкылаз ашәҟәы аԥхьажәа зыҩҩыз, апублицист Владимир Занҭариа.