Кәыҵниа: ауаа аҩнаҭаҿы афымцатә цәаҳәақәа хылаԥшра арҭалароуп
Ҩымз ирылагӡаны ҳтәылаҿы абылрақәа рхыԥхьаӡара акырӡа иацлеит, иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥсуаз, аӡын аамҭа рышҽазыҟарҵо иазкыз апресс-конференциаҿы.